Амениу
27 Ԥхынгәы 2024
05:24
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    13 Ԥхынҷкәын 2023
13.12.2023 23:47
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

«Аҧсҭазаара – мшынуп»: АААК ацхыраарала астудиа «Сара саамҭа» Санкт-Петерберг ақалақь аҽы аспетакль ақәыргылара мҩаҧнагеит

Ҧхынҷкәынмза 12, Санкт-Петербург ақалақь, «Плоды просвещения» захьӡу атеатр аҿы имҩаҧган ашәҟәыҩҩы, апоет, адраматург Даниил Хармс ихәыҷтәы жәабжьқәеи ажәеинраалақәеи рмотив ала еиқәыршәоу, «Аҧсҭазаара – мшынуп» захьӡу аспектакль аҧхьарбара. Аспектакль ақәыргыла мҩаҧнагеит Аҧснытәи ахәыҷтәы атеатралтә студиа «Сара саамҭа». Аҧхьарбара мҩаҧысит Адунеизегьтәи Аҧсуа-абаза конгресс ацхыраарала. Изҭаху зегьы аспектакль ахь имҩахыҵыр рылшон, аҩналара хәыда-ҧсадан. 

Арҿиаратә центр «Сара саамҭа» аартразы агәҭакы цәырҵит 2017 шықәсазы. Астудиа аҧызҵаз Нара Ҧлиаҧҳа лажәақәа рыла, арҿиаратәи алогикатәи ахәыцра, агәынкылара, аимадаратә ҧышәа, асценатә жәаҳәа, аритмика, уҳәа реиҧш иҟоу аспектқәа рҿы ахәыҷқәа рырҿиаратә лшарақәа раарта алзыршо аплатформа аиҿкаара акәын хықәкы хадас иҟаз.

Арҿиаратә ҟазарҭа аушьҭымҭацәа – еиуеиҧшым Аҧсны араионқәа рыҟнытә иааз ахәыҷқәа роуп. Аҵаратә процесс анымҩаҧысуаз, ахәыҷқәа арҿиаратә қәыргыламҭақәеи, апоезиатә хәылҧазқәеи, аспектакльқәеи (агәыҳалалратәқәагьы налаҵаны) рҿы рхы аладырхәуан. Заагарҭа маҷу аҭаацәа рыҟнытә ахәыҷқәеи, зылшарақәа ҧку ахәыҷқәеи ари аҭыҧ хада хәыда-ҧсада иаҭаар рылшон.

0