Амениу
27 Мшаԥы 2024
14:20
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    12 Хәажәкыра 2024
12.03.2024 17:01
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Уарча ақыҭан имҩаҧнагеит аекологиа иазкыз атренинг

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи ирызку АААК аҟәшеи, ААУ арҵаҩы еиҳабы Маиа Цыбулевскаиеи Д.И. Гәлиа ихьӡ зху уарчатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы имҩаҧыргеит аекологиа иазкыз атренинг. Аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәеит аиаҵәара ахшьаара, аекосистемақәа реилагара, ацрыҵтә ӡқәа ишақәнагоу аиҧш рымрыцқьара, аҳауа аҟьашьра, агәам-сам аус адулара реиҧш иҟоу Аҧсны ақалақьқәа рҿы иаҳҧыло аекологиатә проблемақәа. Иара убасгьы атренинг аҿы иалацәажәеит адгьыли аӡқәеи  зҟьашьуа апестицидқәеи ахимиатә рҵәыгақәеи рхархәара, абнақәа рыхшьаара, абиохкырацәазаара ацәыӡра. Ашколхәыҷқәа активла рхы аладырхәит ирзеиҿкааз атренинг. Урҭ апроблемақәа рылацәажәара адагьы, рыӡбаразы ажәалагалақәа ҟарҵеит.

0
12.03.2024 15:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

«Ирӡтәым»: 2024 шықәсазы АААК иацнаҵеит апроект анагӡара

АААКи арҵаҩы Инна Џьугьелиаҧҳаи рыпроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳазҭоу ашықәс азы раҧхьатәи алекциа мҩаҧган Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы. https://abaza.org/abk/1152

0