Амениу
27 Мшаԥы 2024
09:21
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    15 Хәажәкыра 2024
15.03.2024 16:52
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аконгресс Аҟәатәи аофис иаҭааит Аҧсны аинтеллегенциа Реидгыла ахаҭарнакцәа

Аиҩызаратә ҟазшьа змаз аиҧылара мҩаҧысит гәаартыла. Аконгресс аусзуҩцәа ирҭааз асасцәа ирзеиҭарҳәеит аиҿкаара аусура ахырхарҭа хадақәеи, аилазаашьеи. Аиҧылараҿы иалацәажәеит амилаҭтә культуреи ахатәы бызшәеи риқәырхареи рырҿиареи, аҿар аҧсадгьыл абзиабара арылааӡареи, адоуҳа-цәаҩашәатә хдурақәа рырӷәӷәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Аицәажәара иалҵшәаны, еиуеиҧшым асоциал-культуратә проектқәа рынагӡараан ауснагӡатәқәа азҧхьагәарҭеит.

0
15.03.2024 16:27
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Афырхацәа ҧсуам иахьынӡаҳгәалашәо, урҭ рыҧсы ҭоуп ҳгәаҵаҿы.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс агәыҧ алахәын Ахьӡ-аҧша апарк аҿы аибашьраан иҭахаз рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа. 

Марттәи ажәылара - Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы зегь реиҳа илахьеиқәҵагоу ишьаарҵәыроу хҭысуп. Ҩымш ирылагӡаны, иҟалеит ҳаибашьра аҭоурых иамбацыз  - март 15-16 рзы иҭахеит 222-ҩык афырхацәа. Шәҩыла аибашьцәа ахәрақәа роуит, 23-ҩык иахьагьы хабарда ибжьаӡит ҳәа иҧхьаӡоуп.

0
15.03.2024 10:05
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аԥсуа-абаза жәлар еицырдыруа ахаҭарнакцәа ражәа хьыршәыгәқәа.

Марттәи ажәылараҿ иҭахеит 222-ҩык ҳаибашьцәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

0