Амениу
27 Мшаԥы 2024
13:31
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    16 Хәажәкыра 2024
16.03.2024 22:19
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Ақьабзтә ныҳәа жәабран аҭоурыхи иахьатәи аҭагылазаашьеи

Жəабран — ачгара Ду иалагаанӡа шықәсык ахь знык имҩаҧырго қьабзтә ныҳәоуп. Крызхыҵуа ари аҵас адац-ҧашәқәа ҳажәлар ржәытә ҭоурых иаласоуп.

https://abaza.org/abk/1154

0
16.03.2024 14:05
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

Мусса Егзакь абоксиор Харитон Агрба диҧылеит

Мусса Егзакь дырҧылеит аҧсуа хылҵшьҭра змоу урыстәылатәи абоксиор ҟаза, АААК алахәҩы Харитон Агрбеи, уи иазыҟаҵаҩ Руслан Дотдаеви. 

Хәажәкырамза алагамҭазы  Харитон Агрба амексикауаҩ Хосе Мигель Боррего иаҧганы, абокс азы Жәларбжьаратәи ассоциациа (IBA) зыкапан 67 кьыла еиҳам абоксиорцәа рыбжьара адунеи ачемпион ититут дазықәҧаҩхеит.

Аспортсменцәа еиҭарҳәеит аиндаҭлара шымҩаҧысуаз, ашоу амҽхаки аҩаӡареи зеиҧшраз. Аиндаҭлара еиҿкаан Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль ахьымҩаҧысуаз афедералтә ҵакырадгьыл "Сириус" аҿы. 

Агрба иажәақәа рыла, дызлахәыз аиндаҭлара икариераҿы зегь реиҳа акрызҵазкуа, убри аамҭазы зегь реиҳа иуадаҩыз ауп. Харитон Агрба излеиҳәаз ала, уаанӡа ари аҩыза аҿагылара ӷәӷәа дақәымшәацызт, аха ҽадцаларала имҩаҧигоз аҽазыҟаҵарақәеи, атрибуна аҟнытә иоуз апсихологиатә дгылареи - еицҿаку аӡбаҩцәа рыӡбамҭала аиааира агара илдыршеит. Ҳазҭоу ашықәс азы аспортсмент хыкәкы хадас имоуп IBA аверсиала адунеи ачемпион имаҟа аҧсахара.

Агрбеи Дотдаеви Мусса Егзакь иҭабуп ҳәа иарҳәеит иааирҧшуа адгылареи аилкаареи рзы, иазгәарҭеит ари аҩыза агәыҧ ӷәӷәа анрыдгыла хымҧада адунеи ачемпион имаҟа ишаҧсахо. 

Мусса Хабал-иҧа аспортсмени иазыҟаҵаҩи ирыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит рхықәкы анагӡараҿы аманшәалара. Мусса Егзакь иҳәеит гәцаракрала Харитон Агрба икариера дшацклаҧшуа, ишибо аспорт аҿы иааирҧшуа аҽадцалареи, ачҳареи, адоуҳамчи, хвмҧада ихықәкы шынаигӡо азы агәра шиго.

0