Амениу
27 Мшаԥы 2024
10:10
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    25 Хәажәкыра 2024
25.03.2024 12:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

 "Ирӡтәым": АААК имҩаҧнагеит аҧсуа музыкатә рҳәагақәа ирызкыз алекциа.

Уажәазы алекциа мҩаҧган Аҟәатәи аҳәынҭқарратә алицеи-интернат аҿы. Аҧсуаа рмызыкатә рҳәагақәеи жәлар рашәақәеи рыҿиара - амилаҭ аҭоурых иахәҭакуп. Амилаҭтә музыкатә рҳәагақәа ирылшоит изтәу ажәлар ирызку адыррақәа реиҭаҳәара. Убри ауп аиҧыларагьы темас иамаз.

Алекциа мҩаҧыргеит ааҧхьара змам асасцәа: авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" алахәҩы Саида Алҭеибеи, ансамбль алахәҩы, Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә оркестр арҵаҩы, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура ҵараиурҭа адирижиор Софиа Кисековеи.

0