Амениу
27 Ԥхынгәы 2024
08:08
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    23 Ҭагалан 2023
23.10.2023 18:28
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Мгәыӡырхәеи Жәандрыԥшьи адиспансеризациа мҩаԥнагеит

Мгәыӡырхәеи Жәандрыԥшьи ақыҭа школқәа рҵаҩцәеи рырҵаҩцәеи адиспансеризациа иахыжьын жьҭаара 20 рзы. Шәҩык инареиҳаны ауааԥсыра ргәабзиара гәарҭеит еиуеиԥшым аҳақьымцәа: ахәда аҳақьым, абла аҳақьым, ауролог, ахәыҷтәы ҳақьымцәа, аендокринолог, аневролог, ареабилитолог, акардиолог. Зеиԥшла иуҳәозар, ахәыҷқәеи адуцәеи ргәабзиара аҩаӡара акыр иҳаракуп. Аха иҟоу зыԥшрак ҟамҵакәа ахәышәтәра зҭаху аӡәык-ҩыџьакгьы. Хаҭалагьы аҷаҷа чымазара зызҵысыз даарԥшын. Ас иҟоу аҵаҩцәа аспециалистцәа ирыдҵааларц ахырхарҭа-бӷьыц рзылҩаан. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иацнаҵоит ақыҭа школқәа рҟны адиспансеризациа амҩаԥгара. Иааиуа анҭыҵра абҵарамзазы иазгәаҭоуп

0
23.10.2023 18:16
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААКи раԥхьаӡатәи Аҿар ринклиузивтә еиҿкаареи Анрик Цкәуа игәазыҳәара нарыгӡеит

Иҳаҩсыз ашықәс рашәарамзазы Анрик Цкәуа далахәын Владикавказ имҩаԥысуаз Урыстәылазегьтәи аҿар ринклиузивтә арҵаратә форум "Ҳәаада". Усҟан арԥыс "Инва-тур" захьӡу ихатә проект цәыригеит, инагӡаны зхы иамыхәо ауаа рзы Аԥсны аныҟәарақәа реиҿкаара иазкны. Анрик ипроект ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит. Ари агәҭакы аԥсҭазаара аларҵәараҿы ацхыраара ҟарҵеит раԥхьатәи Аҿар ринклиузивтә еиҿкаара ахаҭарнак рада Ҳалуашьԥҳаи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, иара убас зхатә гәаԥхарала ахәыҷқәа рныҟәараҿы ирыцыз аҿарацәеи. Анрик Цкәуеи Иана Ԥлиаԥҳаи аныҟәара мҩаԥыргон, изҭаауаз аҭыԥқәа рҭоурыхқәа еиҭарҳәон. Афонҿыцтәи аберҭыԥ, аӡхыҽҽа, аихамҩатә станциа "Ԥсырӡха", амшынҟызқәа зҭоу аӡмыжь уҳәа ирҭааны ирбеит, ргәы иҭымҵәо агәалашәарақәа роуит. Ахәылбыҽха аныҟәара иалахәыз зегьы какалк дыркын АААК ахарџь ала.

0